НОВОСТИ

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Урыстәыла Афедералтә Еизара аладатәи апалата Ахантәаҩы  Геннади Селезниов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит
22.07.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Урыстәыла Афедералтә Еизара аладатәи апалата Ахантәаҩы Геннади Селезниов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкин дидышшылеит Урыстәыла Афедералтә Еизара аладатәи апалата аҩбатәи ахҧатәи ааҧхьара Ахантәаҩы Геннади Селезниов иҧсҭазаара иалҵра инамаданы.

Адышшыларатә шәҟәаҟны иҳәоуп:

«Геннади Николаи-иҧа Селезниов атәыла анҭыҵгьы хара деицырдыруан адемократиатә еиҿкаарақәа рыҿиареи иахьатәи Урыстәыла ашьақәгылареи рыҟны хаҭала злагаламҭа дуу урыстәылатәи аполитикатә елита иналукааша ахаҭарнак, ҳәынҭқарратә усзуҩы дук иаҳасабала.

Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала аҳәара ҟаҳҵоит Геннади Николаи-иҧа иуацәеи иҭынхацәеи гәалсрыла ҳашрыдышшыло ала ҳаиҭшәҳәрац. Ахааназы игәалашәара лаша ҳацзаауеит».

Геннади Селезниов акыраамҭа имаз ичымзарара хьанҭа ашьҭахь иҧсҭааара далҵит ҧхынгәы 19, 2015 шықәсазы 68 шықәса дшырҭагылаз.ҧхынгәы 22 рзы Москва Аҧсыжәра ҟалоит иахьа ҧхынгәы 22 рзы МоскваТроекуровтәи аҧсыжырҭаҟны. .