Имҩаҧысит изаамҭанытәиу Жәлар Реизара ааҧынтәи асессиа аусура хзыркәшаз аилатәара. Аилатәара мҩаҧигеит Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба.
Иахәаҧшуп иагьрыдкылоуп аҵыхәтәантәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан
«Административтә зинеилагарақәа рзы Аҧсны Азакәанеидкыла аҧсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩы – Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Валери Агрба.
Иахәаҧшуп иагьрыдкылоуп актәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан апроект «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аҭыҧантәи ахаланапхгаратәи анапхгаратәи рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеирақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩы - Жәлар Реизараҟны Аҧсны Ахада Ихаҭарнак Дмитри Шамба. Иахәаҧшуп иагьрыдкылоуп актәи аҧхьараан азакәанапроект
«Агәабзиарахьчаразы»
Ажәахәҟаҵаҩы – Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Апполон Гәыргәлиа.
Ирыхәаҧшуп иагьрыдкылоуп аҩбатәи аҧхьараан азакәанапроектқәа:
«Абанкқәеи абанктә усуреи рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩы – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак алахәылаҩ Анзор Кокосқьериа.
«Ҷыдала ихьчоу аҧсабаратә дгьылҵакырақәа рзы».
Ажәахәҟаҵаҩы – Аграртә политикеи, аҧсабаратә цхыраагӡақәеи, аекологиеи рзы Аилак ахантәаҩы Кәарҷиа К. В.
Иахәаҧшуп иагьрыдкылоуп Жәлар Реизара Ақәҵарақәа:
«Агәмаа З. М. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара Ахантәаҩы имаҵурахьы иалхразы»; «Ҧлиа О.В. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбара аӡбаҩ имаҵурахьы лалхразы».
Ажәахәҟаҵаҩы – Жәлар Реизараҟны Аҧсны Ахада Ихаҭарнак Дмитри Шамба.
«Жәлар Реизараҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаарахьы Ааҧхьаразы» Жәлар Реизара Ақәҵара.
Ажәахәҟаҵаҩы – Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба.
«Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәаҭаратә палата 2015 шықәсазы аныҟәгаразы ахарџьҧса ашьақәыргыларазы».
Ажәахәҟаҵаҩы – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Гьаргь Агрба.
«Азакәанқәа рыпроектқәа аусрыдулара аанкыларазы»
Ажәахәҟаҵаҩы - Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Валери Агрба.
«Аҧсны иахьаҵанакуа арацәаӡри аӡа агеологиатә ҭҵаара, аҧшыхәра, аҵыхра аекономикатә лҵшәеи, аекологиатә шәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Акомиссиа аҧҵаразы»
Ажәахәҟаҵаҩы – Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба.
Иахәаҧшуп, аха абжьыҭира алҵшәақәа рыла актәи аҧхьараан ирыдкылаӡам Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан апроект
«Жәлар Реизара ахыҧхьаӡаратә еилазааразы» Аҧсны Аконституциа арҽеирақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩы – Жәлар Реизараҟны Аҧсны Ахада Ихаҭарнак Дмитри Шамба.
Иахәаҧшуп, аха абжьыҭира алҵшәақәа рыла актәи аҧхьараан ирыдкылаӡам азакәанопроект
«Ателехәаҧшреи арадиодырраҭареи рзы».
Ажәахәҟаҵаҩы – Аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адини, аҿар русқәеи аспорти рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Ахра Бжьаниа.
Иахәаҧшуп, аха абжьыҭира алҵшәақәа рыла ирыдкылаӡам Жәлар Реизара Ақәҵарақәа:
«Гагра араион Лӡаа ақыҭан 1,50 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ акатегориаҟнытә акатегориахь аиагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азин аҭаразы».
Ажәахәҟаҵаҩы - Аграртә политикеи, аҧсабаратә цхыраагӡақәеи, аекологиеи ры Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Беслан Гәбаз.