Урыстәылатәи Афедерациа Аҧсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликеи рхьыҧшымра азхаҵара амш ныҳәа азгәаҭара аламҭалазы Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика Апарламент Аиҳабы Анатоли Бибилов ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит.
Адныҳәалара шәҟәы аҟны иҳәоуп: Ҳаҭыр зқу Анатоли Илиа-иҧа!
Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы, шәколлегацәагьы, Алада Уаҧстәыла ажәлар зегьы Урыстәылатәи Афедерациа Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика ахақәиҭреи ахьыҧшымреи разхаҵара быжьшьықәса ахыҵра. Нанҳәамза 26, хаҭәаашьа змам ацәыӡ дуқәа рыла зҳәынҭқаррақәа рхьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵареи алзыршаз ҳажәларқәа рзы ҭоурыхтә мшны иҟалеит.
Иахьа Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи шьаҿа ҕәҕәала аҿиареи аизҳазыҕьареи рымҩа иануп. Ҳара ҳзы акыр рыҵаркуеит ҳаиашьаратә жәларқәа еимаздо аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа». Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иара убас агәрагара аарҧшуп апарламентбжьаратә усеицура аҧхьаҟа арҕәҕәара Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ганрацәалатәи аҿиара ашьақәырҕәҕәра ишацхраауазы.
Валери Бганба Анатоли Бибилови Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика ажәлар зегьи ирзеиҕьеишьеит аҭынчра, анасыҧ, аизҳазыҕьара.