ҧсны Жәлар Реизараҟны иаҧҵоуп адепутатә гәыҧ «Аҧсадгьыл». Уи аилазаараҟны иҟоуп: Гьаргь Агрба, Фазлыбеи Аҩыӡба, Гәурам Барганџьиа, Анзор Кокосқьериа, Ахра Ҧачлиа.
Адепутаттә гәыҧ аҧҵоуп «Жәлар Реизара адепутат истатус» азы Аҧсны Аҳәынҭқарра 7 Азакәан 1 ахәҭаҷ аҟны иарбоу адепутатцәа русура аформақәа инарықәыршәаны.
Адепутаттә гәыҧ «Аҧсадгьыл» аҧҵаратә еиара мҩаҧысит 2015 шықәса нанҳәа 7 рзы Аҟәа ақ. аҟны. Абри агәыҧ анапхгаҩыс дшьақәырҕәҕәоуп Гьаргь Агрба.
Иазгәаҭатәуп, адепутатә гәыҧ арыцхә инаркны уи аилазаараҟны иҟоу адепутатцәа зегьы Жәлар Реизара асессиа аилатәарақәеи егьырҭ аусмҩаҧгатәқәеи раан рыбжьыҭара мҩаҧысуеит адеуптаттә гәыҧ еидгыланы иаднакылаз аӡбамҭа инақәыршәаны.