НОВОСТИ

Жәларбжьаратә, апарламентбжьаратә еимадарақәеи аџьынџьуаа рыҽрымадарази Жәлар Реизара Аилак Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра  ашьақәырҕәҕәара адгыларазы  аӡбамҭа аднакылеит
17.09.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәларбжьаратә, апарламентбжьаратә еимадарақәеи аџьынџьуаа рыҽрымадарази Жәлар Реизара Аилак Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ашьақәырҕәҕәара адгыларазы аӡбамҭа аднакылеит

Аҧсны Аконституциеи «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәани инарықәыршәаны, Аҧсны Ахада Жәлар Реизара ахәаҧшырц азы иалаигалеит “Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ашьауҕатә усқәа рзы наҟ-ааҟтәи азинтә еицхырааразы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроекти «Ахақәиҭра ралхәдаразы изқәыӡбоу рахьырхәра рыхгаразы реимдаразы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ашьақәырҕәҕәаразы» Аҧсны

Аҳәынҭқарра Азакәан апроекти. Абри инамаданы Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Жәларбжьаратә, апарламентбжьаратә еимадарақәеи аџьынџьуаа рыҽрымадарази Жәлар Реизара Аилак инарҭбааны аилатәара. Уи мҩаҧигеит иара анапхгаҩы Иури Зыхәба.

Аилатәара иалахәын Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганбеи адепутатцәеи: Дмитри Гәынба, Сергеb Шамба, Михаил Сангәлиа, Апполон Гәыргәлиа, Заур Иазычба, Ҭенгиз Агрба, Ахра Кәакәасқьыр, иара убас Жәлар Реизараҟны Ахада Ихаҭарнак Дмитри Шамба. Ахада Ихаҭарнак ишиҳәаз ала, абарҭ аиқәшаҳаҭрақәа разырхиара мҩаҧысуан 2009 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа.

Иацҵаны разырхиаразы Жәларбжьаратә, апарламентбжьаратә еимадарақәеи аџьынџьуаа рыҽрымадарази Жәлар Реизара Аилаки Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Жәлар Реизара Аилаки рышҟа идәықәҵан. Абри азҵааразы аҵыхәтәантәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧган 2013 шықәсазы Урыстәыла Аиустициа аминистрраҟны, аиҿцәажәарақәа ирылахәын Жәлар Реизара ахаҭарнакцәагьы. Абарҭ Аиқәшаҳаҭрақәа ирыҵаҩын Санкт-Петербург ақ. аҟны 2015 шықәса лаҵарамза 28 рзы.

Ашьауҕатә усқәа рзы наҟ-ааҟ азинтә еицхырааразы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра азырхиоуп аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара ацәгьаура аҿагылараҟны еиҳа лҵшәа бзиала аусеицуразы, ашьауҕатә усқәа рзы наҟ-ааҟ азинтә еицхыраараҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәырҕәҕәара хықәкыс иҟаҵаны. Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иамоуп ахақәиҭра апринципқәа, аиҟарара, аҩ-ганк рфеида.

Иақәнагоу аусеицура алыршаразы абри Аиқәшаҳаҭра аҳәаа иҭагӡаны иаҧҵахоит Аганқәа рцентртә усбарҭақәа.

Аҧсуа Ган аҟнытә центртә усбарҭақәаны иҟоуп: Аҧсны Аиустициа аминистрра – Аҧсны аӡбарақәа русура иадҳәалоу азҵаарақәа рзы, Аҧсны Апрокуратура Хада – егьырҭ азинтә цхыраара аҟаҵара азҵаарақәа рзы.

Урыстәылатәи Аган аҟнытә центртә усбарҭақәаны иҟоуп: Урыстәыла аӡбарақәа русура иадҳәалоу азҵаарақәа рзы, Урыстәылатәи Афедерациа Апрокуратура Хада – егьырҭ азинтә цхыраара аҟаҵара азҵаарақәа рзы.

Ахақәиҭра ралхәдаразы изқәыӡбоу рахьырхәра рыхгаразы реимдаразы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра хықәкыс иамоуп Аганқәа русеицура азинӡбара аинтересқәа рыцхыраареи ахьырхәра зхызгаз ауаажәларрахь аҧсҭазаара разырхынҳәреи.

Уи азырхиараан Аганқәа ахақәиҭра ралхәдаразы изқәыӡбоу ахаҿқәа рсоциалтә реабилитациа апроцесс армариара иашьҭан дара ртәылауаҩра зҵазкуа аҳәынҭқарраҟны ахьырхәра рыхгара рақәиҭтәрала. Абри Аиқәшаҳаҭрала иарбоу афункциақәа рынагӡаразы ҭакҧхықәра зду Аганқәа рцентртә усбарҭақәаны Аҧсны Аҳәынҭқарразы иҟоуп – Аҧсны Апрокуратура Хада, Урыстәылатәи Афедерациазы - Урыстәылатәи Афедерациа Аиустициа аминистрра. Абри Аиқәшаҳҭра анагӡараан ацентртә усбарҭақәа ишиашоу аус еицыруеит.

Жәларбжьаратә, апарламентбжьаратә еимадарақәеи аџьынџьуаа рыҽрымадарази Жәлар Реизара Аилак иадгалаз азакәанапроект иалацәажәаны, аӡбамҭа аднакылеит изхәаҧшыз аиқәшаҳаҭрақәа рышьақәырҕәҕәаразы Жәлар Реизара иаднагаларц.