Алада Уаҧстәыла Ареспублика ашьақәгылара 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала Алада Уаҧстәыла Апарламенти ажәлари ирыдиныҳәалеит рмилаҭтә ныҳәа.
Алада Уаҧстәыла Апарламент Аиҳабы Анатоли Бибилов изкыз ашәҟәы аҟны иҳәоуп: «Ҩажәашықәса раҧхьа Алада Уаҧстәыла автономтә республика жәлар рдепутатцәа Рхеилак аҭоурыхтә политика-зинтә акт аднакылеит зхы иақәиҭу Ареспублика рылаҳәаны.
Ахақәиҭра аиуреи ҳазҭагылоу аамҭазтәи аҳәынҭқарра ашьақәгәылараҟны аладауаҧстәылатәи ажәлар хамеигӡарада аҧышәара дуқәа жәпакы ириааины ахатәҳәаақәҵаразы иара иақәнагаз азин анагӡара алшеит.
Иахьа Алада Уаҧстәыла Ареспублика ихьыҧшым, жәларбжьаратәи азхаҵара зауз ҳәынҭқарроуп.
Алада Уаҧстәыла Ареспубликеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи ҭоурыхлеи аиҩызара атрадициақәеи рыла иеидҳәалоу ҳәынҭқаррақәоуп. Аамҭа кьаҿла ҳара ҳпарламентқәа аусеицуразы ашьаҭақәа дырҳаит. Агәра ганы сыҟоуп, урҭ аҧхьаҟагьы лҵшәа бзиала рыҿиара шымҩаҧысло ҳажәларқәа реизҳазыҕьара ахырхарҭала».
Валери Бганба Анатоли Бибилови Алада Уаҧстәыла Ареспублика ажәлари ирзеиҕьеишьеит анасыҧ, аҭынчра, аҳәынҭқарра аргылараҟны аихьӡара ҿыцқәа.