Ашәахьа, цәыббра 21 азы имҩаҧысит Жәларбжьаратә, апарламентбжьаратә еимадарақәеи аџьынџьуаа рыҽрымадарази Жәлар Реизара Аилак аилатәара. Аилатәараҟны иахәаҧшын «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аакәан апроект асессиа аилатәарахь аҩбатәи аҧхьараҟны ацәыргаразы.
«Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аакәан апроект азырхиахоит атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа аҳәаақәҵара, иара убас атәымтәылауаа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны рыҟазаара инадҳәаланы, атәымтәылауааи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҳәаақәҵаразы хықәкыс иҟаҵаны. Уи азырхиараан убри инадкыланы аус адулахоит «Аҧсны Аҳәынҭқарра алалареи алҵреи рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект. Атәылауаҩра азҵаарақәа ҳәаақәҵахоит 2005 шықәсазы ирыдыркылаз «Атәылауаҩразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан» ала.
2012 шықәсазы Жәлар Реизара аӡбамҭала иаҧҵан «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» азакәанапроект азырхиаразы аусуратә гәыҧ. Уи аусура иалҵшәаны 2014 шықәса мшаҧымза 16 рзы абри азакәанапроект рыдыркылеит актәи аҧхьараан.
Иазгәаҭатәуп, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аакәан апроект аус адулара шымҩаҧгаз Апарламент уаанӡатәи ахҧатәии аҧшьбатәии ааҧхьарақәа рдепутатцәа рыла, аха уи аусура аҵыхәтәанынӡа ишнагамыз.