Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент ахьӡала, хаҭала Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент Аиҳабы Анатоли Бибилов Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганбеи Аҧсны жәлар зегьи ирыдиныҳәалеит аҳәынҭқарратәи, жәларызегьтәи аныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Амш.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«22 шықәса раҧхьа Аҧсны жәлар зхы иақәиҭу, идемократиатәу амҩа ианылеит. Аҧышәара хьанҭақәа рыхганы, аҧсны жәлар хьамҵит, аиааирагьы ргеит.
Иахьа Аҧсны Аҳәынҭқарра шьаҿа ҕәҕәала аҿиара иаҿуп, рыӡбара иаҿуп асоциалтә-економикатә хырхарҭа змоу, ашәарҭадара алыршареи, жәларбжьаратәи азхаҵареи ирызку ауснагӡатәқәа».
Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент Аиҳабы иаҵшьны иазгәеиҭеит: «Алада Уаҧстәылазы акраҵанакуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩызареи аиашьареи, аринахысгьы аҧхьаҟатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәырҕәҕәара алыршахоит ҳәа сгәы иаанагоит ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рҧеиҧш бзиа хықәкыс иҟаҵаны».
Анатолий Бибилов Аҧсны жәлар зегьы ирзеиҕьеишьеит аҭынчра, аизҳазыҕьара.