НОВОСТИ

Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩы Даур Аршба  IV Жәларбжьаратәи апарламенттә форум далахәуп
02.10.2015
Поделиться в соцсетях:

Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩы Даур Аршба IV Жәларбжьаратәи апарламенттә форум далахәуп

Иахьа жьҭаара 1 азы Москва ақ. аҟны аусура иалагеит IV Жәларбжьаратәи апарламенттә форум «Ҳазҭагылоу аамҭазы жәларбжьаратәи ашәарҭадара алыршараҟны апарламентқәа рроль» атемала. Абри афорум ашҟа Аҧсны Аҳәынҭқарра ааҧхьара аиуит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкин иҟнытә. Ара Аҧсны Жәлар хаҭарнакра азиуеит Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩы Даур Аршба.

Афорум ахь инаҧхьоуп апарламентиорцәа, иналукааша аҵарауаа, аекспертцәа, иеиуеиҧшым атәылақәа рыҟнытә ауаажәларра-политикатәи аустәи гәыҧқәа рхаҭарнакцәа.

Афорум аҳәаа иҭагӡаны аус руеит ҩ-секциак: «Ҳазҭагылоу аамҭазы жәларбжьаратәи ашәарҭадара алыршараҟны апарламентқәа рроль», «Иахьатәи адунеи аҟны амиграциа иацу ашәарҭарақәеи урҭ рыӡбараҟны апарламентиорцәа русеицура».