НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҧсны жәлар рышҟа иҟанаҵо  Ааҧхьара
22.10.2015
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҧсны жәлар рышҟа иҟанаҵо Ааҧхьара

Аконституциа 67 ахәҭаҷ 1 ахәҭа, иара убас “Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы»Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан 6 ахәҭаҷ 2 ахәҭа инақәыршәаны, Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент 2014 шықәса лаҵарамза 31 аҟнытә, №3520-с-V ала Аӡбамҭа рыдыркылеит аҿҳәарааиаанӡа алхрақәа рымҩаҧгара 2014 шықәса нанҳәамза 24 рзы атәылеи уи иқәынхо атәылауааи, аҳәынҭқарра аҿиареи ршәарҭадара анырра азҭоз ареспубликаҟны аҩныҵҟаполитикатә еибарххара аҭышәныртәалара хықәкыс иҟаҵаны.

2014 шықәса нанҳәамза 24 рзы имҩаҧысыз Аҧсны Ахада иалхрақәа раан актәи атур аҟны Аиааира игеит Ҳаџьымба Р.Џь. Абарҭ алхрақәа ирылахәыз Аҧсны аполитикатә мчқәа зегьы имҩаҧгаз алхрақәа рлегитимтәра шьақәырҕәҕәаны урҭ рылҵшәақәа азхарҵеит, ари аҿҳәарааиаанӡа алхрақәа рымҩаҧгаразы аҭахра ҵаҵҕәыданатәуеит.

Жәлар Реизара Аҧсны жәлар ринтересқәа зыхьчо атәыла азакәанҧҵаратә усбарҭаны излаҟоу ала, иара аконституциатә зинмчқәа ахы иархәаны, мап ацәктәуп ҳәа иаҧхьаӡоит аконституциа иаҿагылоу иҵаҵҕәыдоу ацәажәарақәа, уи иахҟьаны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ашәарҭара иҭанаргылар, Аҧсны асуверенитети аҳәынҭқарра ашьаҭақәеи ҵнашәаар злалшо ала.

Ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу иуадаҩу ауснагӡатәқәа ҳасаб рзуны, Аҧсны жәлар зегьы реидкылара иамоу аҵакы ду еилкааны, атәыла анапхгара, ауаажәларратәи аполитикатәи мчқәа рышҟа ааҧхьара ҟаҳҵоит азеиҧшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәареи аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи реиқәырхара хықәкыс иҟаҵаныаҽеидкылареи, аконструктивтә диалоги, аилибакаареи, аҳаҭыреиқәҵареи рзы.

Аҟәа ақ.

2015 шықәса жьҭаара 22