НОВОСТИ

Ахадеи Жәлар Реизара адепутатцәеи  реиҧылара
26.10.2015
Поделиться в соцсетях:

Ахадеи Жәлар Реизара адепутатцәеи реиҧылара

Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Жәлар Реизара адепутатцәеи еиҧылеит.

Иалацәажәан атәыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа.

«Шәареи сареи конструктивла ҳаицәажәара хәарҭара аманы избоит, ари анагӡаратәии амчхара азакәанҧҵаратә усбарҭақәеи рыбжьара аиҿцәажәаразы ҿырҧшы бзианы иҟоуп», - отметил Рауль Хаджимба.

Ахада иазгәеиҭеит Жәлар Реизара жьҭаара 21 азы иҟаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа рганахьала адепутатцәа рпозициа.

Жьҭаара 22 рзы Жәлар Реизара иаднакылеит «Аҧсны ауаажәларра рышҟа Ааҧхьара». Ааҧхьараҟны иҳәан аполитикатә партиа «Амцахара» аҿҳәарааиаанӡа Ахада иалхра амҩаҧгаразы Апарламент иаднаҵаз азҵаара шҵаҵҕәыдоу.

Адепутатцәа иара убас ргәаанагара рҳәеит Аполитикатә абжьгаратә хеилак ашьақәыргыларазы Ахада ирыдигалаз ажәалагала. Иазгәаҭан ари аусура аҵыхәанӡа ишнагатәу атәы.

Иаҵшьны иҳәан, иааиҧмырҟьаӡакәа аконструктивтә диалог амҩаҧгара шаҭаху иеиуеиҧшым адискуссиатә ҭыҧқәа рыҟны. «Адиалог адәахьы идәылгатәӡам», - иазгәарҭеит Жәлар Реизара адепутатцәа.

Аиҧылара иалахәыз иара убас ирҳәеит Жәлар Реизара аусура иазку аинформациа еиҳа еффктивла ишаарҧштәу.