НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа   Вагаршак Косиан, Роберт Иаилиан, Левон Галустиан аспорт аполитикатә хықәкқәа рыҟны хархәара амоуроуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит
28.10.2015
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа Вагаршак Косиан, Роберт Иаилиан, Левон Галустиан аспорт аполитикатә хықәкқәа рыҟны хархәара амоуроуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит

Ереван жьҭаара 21 инаркны 23-нӡа имҩаҧысуаз зхы иақәиҭу ақәҧаразы жәларбжьаратәи атурнир иалахәыз аспортсменцәа рсиа иахьалгаз ианамаданы Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа Вагаршак Косиан, Роберт Иаилиан, Левон Галустиан аҳәамҭа ҟарҵеит.

Аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп аспорт аполитикатә хықәкқәа рынагӡараҟны хархәара амоуроуп ҳәа. Еиҳагьы угәы унархьуеит ари ақырҭуа еиҳабыра аспорттә усмҩаҧгатәқәа еиҿызкааз ҳҩызцәа аерманцәа рыцырхырааны иахьымҩаҧыргаз.

«Гәалсрыла иҳадаҳкылеит ҳақәҧаҩцәа Арцахтәи аибашьра афырхаҵа, азыҟаҵара зҽаҧсазтәыз Ваган Затикиан игәалашәара ахьӡала имҩаҧысыз атурнир аҽалархәраҟны мап ахьырцәыркыз. Ақырҭуа ган еиҭа адунеи зегьы иадырбеит ихьыҧшым Аҧсны аганахьала ареваншисттә гәҭакқәа макьанагьы ишрымоу. Аҧсуаа рхаҭарнакцәа аспорттә еицлабра дуқәа, акультуратә ҟазшьа змоу аусмҩаҧгатәқәа ралхәдаразы иҟарҵо аҽазышәарақәа (2013 ш., иаҳҳәап, ахәыҷқәа рыкәашаратә ансамбль «Абаза» Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз афестиваль ашҟа инармышьҭӡеит) уанӡагьы аҭыҧ рыман, аха ари афакт агәынамӡара ҳазцәырнагеит аиашьаратә Ермантәыла адгьыл аҿы иахьымҩаҧысыз. Ҳара иеилаҳкаауеит ҳтәылақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьам, атурнир еиҿызкааз аерман ган акыршықәсқәа раахыс ишьақәгылаз ҳажәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ртәы рхадрмыршҭыр акәын.

Ҕәҕәала ҳақәыӡбоит аҧсуа қәҧаҩцәа ирыдҳәалоу ахҭыс, ҳгәыҕуеит ҳашьцәа - аерманцәа аринахыс аибачҳареи ганкы мацара адымгылареи аадырҧшып ҳәа.

Иазгәаҳҭар ҳҭахуп, Аҧсны иааиҧмырҟьаӡакәа ишымҩаҧысуа Ермантәылантәи аспортсменцәа злахәу жәларбжьаратәи аицлабра дуқәа. Ара урҭ зҿлымҳара рырҭоит. Ахаангьы аиҳабыра амчрақәа аполитикеи аспорти еиладырҩашьаӡом. Ҳгәы иаанагоит, абас ирызнеиуеит ҳәа Ермантәыла зымҩаҧгара азҧхьагәаҭоу атурнирқәа рыҟны ҳара ҳхаҭарнакцәагьы.