Апарламент аҟны имҩаҧысит адепутатцәеи АЕ «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Аслан Басариеи реиҧылара. Аиҧылара мҩаҧигеит Жәлар Реизара аиҳабы.
Аслан Басариа далацәажәеит Аҧсны афымцамчтә ҟәша аҭагылазаашьеи аҧхьаҟа иӡбатәны иқәгылоу азҵаарақәа ртәы. Иаарту аицәажәараан адепутатцәа иреиҳәеит апроблемақәа хадақәа ртәы, хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.
Адепутатцәа ирҳәеит «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада адгылара ширҭо, аҧхьаҟатәи аусеицура ишазхиоу.