НОВОСТИ

Аҳмеҭ Хапаҭ Аҧсуа Федерациа аиҳабыс иалхра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы
10.11.2015
Поделиться в соцсетях:

Аҳмеҭ Хапаҭ Аҧсуа Федерациа аиҳабыс иалхра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы

Ҭырқәтәыла, Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысит Аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа анапхгаҩы иалхра. Алхрақәа мҩаҧысит иаарту бжьыҭирала. Афедерациа анапхгаҩы иалхразы кандидатс дықәгылан Аҳмеҭ Хапаҭ. Абжьыҭира алҵшәақәа рыла Аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа анапхгаҩыс зегьы еицҿакны далырхит Аҳмеҭ Хапаҭ.

Аҳмеҭ Хаҧаҭ, Аҧсуа Федерациа ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкуп. Ҧшьышықәса инеиҧынкыланы Афедерациа маӡаныҟәгаҩ хадас дыҟан.

Аҧсуа Федерациа еиҿкаан 2010шықәса рзы. Есҩышықәса уи имҩаҧгаоит анапхгаҩ ҿыц иалхразы абжьыҭира.

Аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа анапхгаҩыс Аҳмеҭ Хапаҭ иалхра инамаданы Жәлар Реизара Аиҳабы Афедерациа анапхгаҩы ҿыц ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы дәықәиҵеит.

"Ҳаҭыр зқәу Аҳмеҭ Хапаҭ!

Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа Ахантәаҩы иалхразы ааигәа имҩаҧысыз изаамҭанытәиу алхрақәа рыҟны зегьы еицҿакны шәара ишәырҭаз агәрагара Афедерациа акыршықәса раахыс имҩаҧнаго аус аҟны ишәымоу аҧышәеи иныҟәыжәгоз аҭакҧхықәреи ишрыдырҳәало атәы аҳәоит.

Ҭоурыхла зыҧсадгьыл иаҟәыганы аҟазаара злахьынҵаз ҳџьынџьуаа ирылшеит ашәышықәсақәа ирыламырӡкәа, рыҧсадгьыл – Аҧсны ашҟа агәбылра, ҳажәлар рбызшәа, иреиҕьыз рҵасқәа еиқәырханы ҿыц игылоз абиҧарақәа рымадара.

Абри аганахьала, Аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа акырӡа зҵазкуа уаажәларратә еиҿкаароуп. Уи аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатә хадақәа ируакны иҟоуп иахьыҟазаалак аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа реимадара, реигәныҩра арҕәҕәара. Ҷыдала иазгәаҭазар ахәҭоуп, Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыр ашьҭыхразы иара убас аҧсуа диаспореи ҳашьцәа адыгақәеи реимадара арҕәҕәараҟны Аҧсуа Федерациа алагаламҭа.

Иахьа шәаргьы ҳаргьы ҳаидызкыло, ҳаимадара зырҕәҕәо акәны иҟоуп Аҧсни Аҧсны жәлари рҧеиҧш азхәыцра, уи асоциалтә-економикатә ҿиара аизырҳаразы, хра злоу ҳмилаҭтә ҷыдарақәа реиқәырхаразы ҳазну амҩа.

Ҳаҭыр зқәу Аҳмеҭ Хапаҭ!

Агәра згоит шәара шәҧышәеи, шәдырреи Афедерациа аусураҟны аринахысгьы алҵшәа бзиақәа раагара ишацхраауа.

Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, напхгара ззыжәуа Аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа аус аҟны аихьӡара ҿыцқәа".

Ҳаҭырла,

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы В. Бганба