НОВОСТИ

Иаҧҵоуп “Ацәгьоуразы зыгәҩара ыҟои ахара зыдҵои рзы ашьауҕатә хьырхәра анагӡареи абахҭаҟны раанкылараан азакәанқәа рықәныҟәашьа агәаҭареи рзы  Аҧсны Жәлар Реизара Акомиссиа”
17.12.2015
Поделиться в соцсетях:

Иаҧҵоуп “Ацәгьоуразы зыгәҩара ыҟои ахара зыдҵои рзы ашьауҕатә хьырхәра анагӡареи абахҭаҟны раанкылараан азакәанқәа рықәныҟәашьа агәаҭареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Акомиссиа”

Абри ақәҵара рыдыркылеит Дранда аҳаблаҟны иҟоу АУР Аусҭҵааратә изолиатораҟны ацәгьоуразы зыгәҩара ыҟои ахара зыдҵои рзы ашьауҕатә хьырхәра анагӡареи абахҭаҟны раанкылареи раан азакәанқәа рықәныҟәашьеи ахьырхәра зхызго рҭакра азакәанреи, рықәнагеи, рҭагылазаашьеи аҭҵаара, иара убас рматериалтә-бзазаратәи рсанитартә-медицинатә ҭагылазаашьеи ишьақәыргылоу аҧҟарақәа иахьынӡарықәшәо агәаҭареи хықәкыс иҟаҵаны.

Апарламенттә комиссиа аилазаараҟны иҟоуп: Валери Агрба – Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аилак ахантәаҩы; Фазлыбеи Аҩыӡба – Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы; Ҭемыр Гәлиа – Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак алахәылаҩ; Дмитри Гәынба – Жәларбжьаратәи, параламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аилак алахәылаҩ; Апполон Гәыргәлиа – асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аилак ахантәаҩы; Левон Галустиан – Аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адини, аҿар русқәеи аспорти рзы Аилак алахәылаҩ.

Ақәҵараҟны иара убас иҳәоуп: «Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәаҭаратә палата рганахьала Апарламенттә комиссиаҟны аусура ацхыраара аҭазааит.

Апарламенттә комиссиаҟнытә 2016 шықәса лаҵарамза 1 аҟынӡа Жәлар Реизара алкаақәеи ажәалагалақәеи адгалазааит» ҳәа.

Абри Ақәҵара амч аиуит иара анрыдкылаха аҽны инаркны, Акомиссиагьы аусура хацнаркит.