НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы  Валери Бганба  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа идиныҳәалеит
31.12.2015
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа идиныҳәалеит

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Жәлар Реизара ахьӡалеи хаҭала иара иҟнытәи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи.

Жәлар Реизара Аиҳабы иҟеиҵаз адныҳәалараҟны ахә ҳаракны ишьеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиареи ашәарҭадара алыршареи рзы азҵаарақәа ириҭо азҿлымҳара, иара убас иҳәеит Урыстәыла жәларбжьаратәи аполитика адгылара шаиҭо атәы. Ҳазҭало 2016 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациеи Урыстәыла ажәлар зегьи ирзеиҕьеишьеит аҭынчреи аизҳазыҕьареи. Жәлар Реизара Аиҳабы иҳәеит иааиуа ашықәс азы ҳҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәеи ҳтәылақәа рыжәларқәа традициала ирыбжьоу аиҩызареи еиҳагьы иҕәҕәахоит, рыҽдырҭбаауеит ҳәа игәы ишаанаго.

Валери Бганба Владимир Путин изеиҕьеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада имаҵураҟны аихьӡарақәа, агәабзиара, анасыҧ.