ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
                    
                      31.12.2015
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях:
                       
                      
                    Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба идиныҳәалеит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Рамшьыхә-иҧа Бганба ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа ааишьҭит. Адныҳәаларҭа цҳамҭаҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Аҧсны 2016 шықәсазы ҩнаҭацыҧхьаӡа иазеиҕьеишьеит аҭынчра, абзиабара, абарақьаҭра. Иара убас уи Валери Бганба изеиҕьеишьеит аихьӡарақәа, агәабзиара, анасыҧ.