НОВОСТИ

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы  Сергеи Нарышкин ашықәсҿыцазтәи адныҳәларатә цҳамҭа ааишьҭит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы  Валери Бганба  ихьӡала
28.12.2015
Поделиться в соцсетях:

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкин ашықәсҿыцазтәи адныҳәларатә цҳамҭа ааишьҭит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба ихьӡала

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба ихьӡала адныҳәларатә цҳамҭа аашьҭуп Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы иҟнытә.

Адныҳәларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Валери Рамшьыхә-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц!

Ҳазҭало ашықәс Шәаргьы шәҩызцәа рызгьы шәусураҟны ақәҿиарақәеи агәҭакы нагӡареи иашықәсны иҟалааит.

Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Аҧсни рпарламентқәа рыбжьара ҳажәларқәа реизҳазыҕьара иазку лҵшәа бзиалатәи аусура 2016 шықәсазгьы аҿиара аиуп ҳәа.

Ишәзиаагәоу ауааи аус шәыцызуа шәҩызцәеи ирзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аманшәалара».