Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба аҳәаанырцәтәи атәылақәа рпарламентқәа рнапхгаҩцәа иааиуа 2016 -тәи ашықәс рыдиныҳәалеит
Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Жәлар Реизара ахьӡала ашықәсҿыцазтәи адныҳәаларатә цҳамҭа ишьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Амилаҭтә Ассамблеиа Ахада Диосдадо Кабельо Рондони, Амилаҭтә Республика Никарагуа Ахантәаҩы Сантос Рене Нениес Телиеси, Ареспублика Науру Апарламент Аиҳабы Лицдвиг Дерангадаге Скоттии рышҟа.
Валери Бганба аус ицызуа иколлегацәа ирзеиҕьеишьеит иааиуа 2016-тәи ашықәс рнапы зларкуа аусқәа рыҟны аихьӡарақәа, аиҩызара иаша, аилибакаара, аҭынчра, аҳәоуеиқәшәара рзаанагарц. Жәлар Реизара Аиҳабы арҭ аҳәынҭқаррақәа рпарламентарицәеи рыжәлари ирзеиҕьеишьеит аизҳазыҕьареи анасыҧи.