Аҧсны жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Лымшира лыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иҧҳа!
Аҧсны Жәлар Реизара ахьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира! Шәара, хымҧада, иахьа Шәыхьӡала ирҳәо иреиҕьу ажәақәа зегьы шәрыҧсоуп! Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ахә ҳаракны иршьоит Шәара политикк иаҳасабала Шәыхьӡ, гәыкала, ҭакҧхықәра дула шәахьазнеиуа шәтәыла аҧеиҧш.
Даҽазныкгьы исҳәарц сҭахуп ҳажәларқәа реизҳазыҕьареи, аҭышәынтәалареи аҭынчреи ирызку аҧсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратәи усеицура ашьақәырҕәҕәара зҿлымҳара ду шаҳҭо.
«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иҧҳа! Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит аихьӡара дуқәа шәнапы злаку аҳәынҭқарратә усураҟны, аманшәалара, анасыҧ!».