Аҧсны Жәлар Реизара агәы ишыҵхо азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Жәлар Реизара адепутат Џьапуа А.С. иганахьала 2016 шықәса мшаҧымза 16 рзы иҟаҵаз атеррористтә акт инадҳәаланы.
Жәлар Реизара аҳәынҭқарра амчхара ихьыҧшым, Аҧсны жәлар ринтересқәа раарҧшра иазку махәҭаны излаҟоу ала, иҟалаз атеррористтә акт азакәанҧҵаратә усбарҭа мацара акәымкәа, атәыла аҳәынҭқарратә система зегьгьы ашәарҭа иҭазыргыло ак акәны иахәаҧшуеит.
Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҩныҵҟа политикатә традицианы иҟалеит иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа зегьы аҩныҵҟатәи адиалог ала аӡбара, иарбан қәыҕәҕәаразаалакгьы арҭ апринципқәа рыҧсахрагьы, ҳара иалаҳхыз Аҧсны аҳәынҭқарра аҿиара акурс анырра аҭарагьы алшаӡом
Аҧсны Жәлар Реизара Аҧсны жәлар рахь ааҧхьара ҟанаҵоит аҭышәынтәалареи ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра арҕәҕәареи рзы акзаареи аҳәоуеиқәшәареи рымазаарц азы.