Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Бганба аҧсуа интеллегенциа ахаҭарнакцәа идикылеит.
Аҧсуаҭҵааратә институт иара убас Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аусбарҭа ахаҭарнакцәа ирҳәеит «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны анхарҭақәа реикәшаразы» Азакәан апроект адкылара азҵаара ишаҿагылоу.