Атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи иеиҭамҵуа амазара раархәара азҵаара аҭышәнымтәалара инарҭбааны ауаажәларра ргәы изыҵхо еилкааны, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иеиҭамҵуа амазара аикәшара аиҿкаареи аҷыдарақәеи ҳәаақәызҵо азинтә механизмқәа разырхиареи закәанҧҵарала рышьақәырҕәҕәареи шаҭаху азгәаҭаны, иуадаҩу азҵаарақәа зегьы ҩныҵҟала, ҳәоуеиқәшәарала рыӡбара апринципқәа ҧыжәара рыҭара шьақәырҕәҕәо,
Аҧсны Жәлар Реизара- Апарламент
и а қә н а ҵ о и т:
1. Иаанкылазааит разырхиара Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроектқәа :
а) «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иеиҭамҵуа амазара аикәшара аҷыдарақәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 659-V;
б) «Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иеиҭамҵуа амазара аикәшара аҷыдарақәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы «Аҧсны Аҳәынҭқарра хазы игоу азакәанҧҵаратә актқәа аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 660-V ;
в) «Атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи иеиҭамҵуа амазара раархәара азҵаарақәа рҭышәныртәалара алзыршо Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара адкылара аанкыларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект № 687-V.
2. Аҧсны Жәлар Реизара:
а) иаҧнаҵааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Анхарҭатә Закәанеидкыла азырхиаразы аусуратә гәыҧ;
б) иарццакааит актәи аҧхьараан ирыдкылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатәи аргыларатәи Закәанеидкыла ахәаҧшра.
3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара:
а) ихнаркәшааит Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыратә зыҧхьагәаҭара иазку аусура;
б) иарццакааит Аҧсны Аҳәынҭқарратә дгьылтә кадастр (асиа) аҧҵаразы аусура;
в) имҩаҧнагааит Аҧсны Аҳәынҭқарра анхарҭатә фонд аҭагылазаашьа агәаҭара.
<p>