НОВОСТИ

Имҩаҧысит изаамҭанытәиу Аҧсны Жәлар Реизара асессиа аилатәара
20.04.2016
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит изаамҭанытәиу Аҧсны Жәлар Реизара асессиа аилатәара

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба имҩаҧигаз изаамҭанытәиу асессиа аилатәара.

Иахәаҧшын, аха абжьыҭираан ирыдырымкылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект

«Атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи иеиҭамҵуа амазара раархәара азҵаарақәа рҭышәныртәалара алзыршо Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара адкылара аанкыларазы»

Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизара адепут Алмас Џьапуа.

Иахәаҧшын иагьрыдкылан Аҧсны Жәлар Реизара –Апарламент Ақәҵара

«Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иеиҭамҵуа амазара аикәшара аҭышәныртәалара азҵаарақәа рзы» .

Ажәахәҟаҵаҩ Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аилак Валери Агрба.