НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Томас Хаммарберг иҧыларақәа.
12.05.2016
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Томас Хаммарберг иҧыларақәа.

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емма Гамсаниа ауаҩы изинқәа инарыдҳәаланы Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵааразы Европатәи Ахеилак ҧасатәи Акомиссар, ихьыҧшым аексперт Томас Хаммарберг диҧылеит. Аиҿцәажәараан Емма Гамсаниа иазгәалҭеит ари атематика иадҳәалоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара азҵаарақәа.

Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан ахәыҷқәеи аҳәсеи рзинқәа, лымкаала аҳәса аҳәынҭқарра аполитикатә ҧсҭазаара ралахәра.

Аиҧылара далахәын Хаммарберг ицхырааҩ Магдалена Гроно . Томас Хаммарберг иара убас диҧылеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Даур Аршба.