НОВОСТИ

Валери Бганба  идикылеит Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара аделегациа.
12.05.2016
Поделиться в соцсетях:

Валери Бганба идикылеит Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара аделегациа.

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба идикылеит Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара Ахантәаҩы Виачеслав Макаров напхгара ззиуаз аделегациа.

Аиҧылара иалахәыз ирҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи афедерациеи рыбжьара ганрацәалатәи аимадарақәа рыҿиара агәахәара шырнаҭо, иагьрылацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аҧхьаҟатәи рыҿиара азҵаарақәа.

Аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаҧысз аиҧылара иалахәын иара убас Аҟәатәи ақалақьтә Еизара Ахантәаҩы Константин Ҧлиа.