Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 69 ахәҭаҷ инақәыршәаны Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара ахәаҧшырц иалаигалеит Гагра араионтә ӡбара Ахантәаҩы имаҵурахьы Мери Мықәба лалхрази Очамчыра араионтә ӡбара аӡбаҩцәа рмаҵурахьы Валери Занҭареи Гәули Цыбеи ралхрази ажәалагала.
Абри инадҳәаланы, иахьа, лаҵарамза 16 рзы Апарламент аҟны имҩаҧысит абарҭ акадртә зҵаарақәа иахьрыхәаҧшыз асессиа аилатәара.
Аилатәара мҩаҧигеит Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба. Жәлар Реизара Аҧҟара инақәыршәаны, маӡала абжьыҭарала иеицҿакны акандидатурақәа зегьы дасу рмаҵурақәа рахь иалырхит.