Аҧсны Жәлар Реизара Аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәараҟны ирылацәажәан анаркоманиа апроблемақәа. Аилатәара мҩаҧигеит адепутат Ҭемыр Гәлиа.
Уи иалахәын адепутатцәа, агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Кациа, Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Альберт Шевхужеви Ареспубликатә наркодиспансер аҳақьым хада Ирма Ануеи.
Адепутатцәа абри азҵаара алацәажәаразы ажәалагала ҟарҵеит зхархәара акыр иазҳаз амаҭәашьар «Лирика» ирнаҭо агәҭынчымра инадҳәаланы.
Адепутатцәа азҵаара ианалацәажәоз иаҵшьны иазгәарҭеит ахьаа хызҽуа ари амаҭәашьар ахархәара шамоу иара хықәкыла изызку мацара акәымкәа, анаркоманцәагьы рхы ишадырхәо.
Амедицинатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа адепутатцәа ирыдгыланы ари ахәшә аларҵәара даара хылаҧшра шаҭатәу иақәшаҳаҭхеит.
Аилатәара алахәылаҩцәа иеицҿакны ргәаанагара рҳәеит ахәшә «Лирика» зхы иақәиҭны аҭира ҟамло, аҳәынҭқарра хылаҧшра зызнауа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиқәыҧхьаӡа иалаҵатәуп ҳәа.