Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит адепутатцәеи Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиҧылара.
Ахада адепутатцәа иреиҳәеит Москва иҟазаара атәы. Ахада иусуратә визит иалагӡаны имҩаҧган Урыстәылатәи Афедерациа инамаданы Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика, аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы иахьрылацәажәаз аиҧыларақәа.
Рауль Ҳаџьымба апарламентарицәа ирзеиҭеиҳәеит анагӡаратә мчхара имҩаҧнаго абжьааҧнытәи аусура атәы, иара убас азакәанҧҵара арҿиареи аиҕьтәреи рызҵаарақәа ирыдҳәалоу хара имгакәа иазҧхьагәаҭоу аусқәа ртәы. Ахада адепутатцәа ргәаанагарақәа дырзыӡырҩны хыҧхьаӡара рацәала рызҵаарақәа рҭакқәа ҟеиҵеит.