Урыстәылауаа рашәарамза 12 рзы иазгәарҭо аҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш аламҭалазы Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба адныҳәалара ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкини рышҟа.
Урыстәылатәи апарламентарицәа рыхьӡала идәықәҵаз адныҳәаларақәа рыҟны, лымкаала, иҳәоуп: «Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ҭоурыхла иеидызҳәало ракәны иҟоуп аимадарақәа жәпакы, аиҩызаратәи ауаатәыҩсатәи еизыҟазаашьақәа, убри аҟнытә Урыстәыла Амш ҳара ҳзы акраҵанакуеит.