НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҧылара
20.06.2016
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҧылара

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит адепутатцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаҧшьбеи русуратә еиҧылара. Адепутатцәа рҿаҧхьа дықәгыло, Леонид Ӡаҧшьба инарҵауланы аинформациа риҭеит атәылаҟны азинқәныҟәареи ацәгьоура иаҿагыланы ақәҧареи рзы иҟоу аҭагылазаашьазы, ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ихадароу руснагӡатәқәа ртәы, иара убас азакәанҧҵара аиҕьтәра инадҳәаланы ажәалагалақәак ҟаиҵеит. Апарламент адепутатцәа раҧшьгарала имҩаҧысыз аиҧылараҟны ишьҭыхын ҳазҭагылоу аамҭазы ауаажәларра ргәы иҵхо хыҧхьаӡара рацәала азҵаарақәа, аминистр урҭ азҵаарақәа инарҭбааны рҭакқәа ҟаиҵеит.