Аилатәара мҩаҧигеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба.
Ирыхәаҧшуп иагьрыдкылоуп аҵыхәтәантәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:
«Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә система ашьаҭақәа рзи» Аҧсны Аҳәынҭқарра хазы игоу азакәанҧҵаратә актқәак рзи» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы Гьаргь Агрба. «Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә актқәак аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Жәларбжьаратәи, апараламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы Дмитри Гәынба. .
«Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рыҟни, аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рыҟни, аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аҟни арратә маҵзура иахысуаз ахаҿқәеи урҭ рҭаацәарақәеи тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы Леонид Чамагәуа.
«Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы». Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Ахада Ихаҭарнак Дмитри Шамба.
«Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы»
«Аҧсны Аҳәынҭқарра алҵреи Аҧсны Аҳәынҭқарра алалареи рыҧҟара иазку” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Жәларбжьаратәи, апараламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Гәынба.
«Жәларызегьтәи абжьыҭира (ареферндум) азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы Валери Агрба.
Иахәаҧшуп, аха маӡалатәи абжьыҭираан ирыдкыламызт Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахрақәа ралагаларазы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан азы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы Апполон Гәыргәлиа. .
Ирыхәаҧшуп, маӡалатәи абжьыҭираан ирыдыркылеит Аҧсны Жәлар Реизара ақәҵарақәа: «Зарандиа И.Н. Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбара аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Ахада Ихаҭарнак Дмитри Шамба.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа хада алахәылаҩ иалхразы»
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба.
Иахәаҧшуп иагьрыдкылоуп актәи аҧхьараан Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара
«Аҧсны Аҳәынҭқарра административтә - дгьылҵакыратә еихшареи анхарҭа ҭыҧқәа рыхьӡқәеи рзы» Ажәахәҟаҵаҩ – Абызшәатә политикеи адемографиеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Валери Кәарҷиа.
Ирыхәаҧшуп иагьрыдкылоуп Аҧсны Жәлар Реизара ақәҵарақәа
«Гагра араион Лӡаа ақыҭан 0,30 га адгьыл ҭыҧ акатегориаҟнытә акатегориахь аиагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азин аҭаразы».
«Гәдоуҭа араион Анхәа ақыҭан 0,12 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ “ақыҭанхамҩа ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «анхарҭаҭыҧ дгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азин аҭаразы».
«Бабышьира ақыҭан 1,5 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ “ақыҭанхамҩа ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориҟнытә «анхарҭаҭыҧ дгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азин аҭаразы».
«Очамчыра араион Аусбарҭа Очамчыра араион Аҭара ақыҭан ЗҲӘА “Абаҳча иаҵәа” шықәсырацәалатәи аиҭаҳатәқәа (араса) реиҭаҳаразы 15 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ қьырала аҭара ақәшаҳаҭхаразы».
«Гәдоуҭа араион Ҧсырӡха ақыҭан 0,06 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ “ақыҭанхамҩа ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «анхарҭаҭыҧ дгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азин аҭаразы».
Гәдоуҭа араион Ҧсырӡха ақыҭан 0,04 га зҵазкуа адгьыл ҭыҧ “ақыҭанхамҩа ҵакы змоу адгьылқәа» ркатегориаҟнытә «анхарҭаҭыҧ дгьылқәа» ркатегориахь аиагаразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азин аҭаразы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аграртәи политикеи, аҧсабаратә цхыраагӡақәеи, аекологиеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак Ахантәаҩы Кан Кәарҷиа.