НОВОСТИ

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара VI ааҧхьара актәи аилатәара
12.04.2017
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара VI ааҧхьара актәи аилатәара

2017 шықәса мшаҧымза 12 рзы имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааҧхьара актәи аилатәара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны уи ааиртит қәрала Апарламент адепутатцәа иреиҳабу Валера Кәарҷиа.

Аилатәара иалахәын: Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааҧхьара адепутатцәа, анагӡаратә мчхара ахаҭарнакцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарра араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рхадацәа, араионтәи ақалақьтәи еизарақәа рхантәаҩцәа, апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа, адинтә усзуҩцәа, АИХ рхаҭарнакцәа.

Иеизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба. Амш азҵаара ашьақәырҕәҕәара ашьҭахь адепутатцәа аиҿкааратә зҵаарақәа ирыхәаҧшит.

Маӡалатәи абжьыҭираҟны иреиҳахаз абжьқәа рыла Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааҧхьара Аиҳабыс далхын Валера Кәарҷиа. Аиҳабы ихаҭыҧуаҩцәас иалхын Саид Ҳаразиа, Левон Галустиан, Михаил Сангәлиа.