НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа адныҳәалара дәықәиҵеит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас иалху Анатоли Бибилов ишҟа.
13.04.2017
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа адныҳәалара дәықәиҵеит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас иалху Анатоли Бибилов ишҟа.

2017шықәса мшаҧымза 9 рзы Алада Уаҧстәыла Ареспубликаҟны имҩаҧысит изаамҭанытәиу Ахада иалхра. Абжьыҭирақәа рышьҭахь далхын аус зуа Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент ахантәаҩы Анатоли Бибилов.

Абри инамаданы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас иалху Анатоли Бибилов дидныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Ахадас шәалхра.

Ҳара ҳтәылақәа аиҩызара бзиа рыбжьоуп, ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас Аидгылара «Адемократиеи ажәларқәа рзинқәеи» аҧҟарақәа инарықәыршәаны ҳаизыҟазаашьақәа аҿиара амҩа иануп.

Аҧсны Жәлар Реизара аҧхьаҟагьы ганрацәалатәи аусеицура иазхиоуп.

Ҳаҭыр зқәу Анатоли Илиа-иҧа, аладауаҧстәылатәи ажәлар рыхьӡала имҩаҧыжәго аҳәынҭқарратә усураҟны ишәзеиҕьасшьар сҭахуп ақәҿиарақәа, аихьӡара дуқәа».