«102 шықәса ҵуеит аерман жәлар Аосмантә империа аерман жәлар массала рнырҵәара анымҩаҧысуаз урҭ ашьаарҵәыратә мшқәа раахыс.
Шәнызқьла ауаа ҭахеит, ирацәаҩуп забацәа рыдгьылқәа ааныжьны иқәҵны атәым тәылақәа рахь имцар амуыз. Убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп зықьҩыла ахҵәацәа ахеиқәырхаразы иааны иахьынхаз, ахыҵакырҭа ахьырыҧшааз Аҧсынгьы. Аҧсуа жәлар, усҟантәи аамҭазы мчыла ахҵәара иақәдыршәаз, аерман жәлар зҭагылаз арыцҳара еилкааны рхьаа рыцеиҩыршеит, гәык-ҧсыкала ирыдыркылеит. Абри аамҭа инаркноуп ахы анакызгьы шәышықәса инареиҳаны иара Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых иаҟәыҭхам аҧснытәи аерманцәа рҭоурых.
Мшаҧымза 24 – ауаатәҩса рҭоурых аҟны иҟалахьоу ахҭыс бааҧсқәа ирыдҳәалоу лахьеиқәратә мшуп. Иахьа иаҳгәалашәоит абри ахҭыс иалаӡыз зегьы, урҭ ргәалашәара аҿаҧхьа ҳхырхәоит. Ишдыру еиҧш, 2015 шықәсазы Аермантә Апостолтә ныха ацқьацәа ирхырыҧхьаӡалеит харада иршьыз милиионҩыки бжаки аерманцәа. Абри инаркны агеноцид иалаӡыз аерманцәа ацқьа ааӡабхгаҩцәаны иҟалеит. Ҳара, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа – Левон Галустиан, Ашот Миносиан, Левон Дашьиан имҩаҧгоу агеноцид ацәгьоурақәа ҳрықәыӡбоит, даҽазныкгьы Аосмантә империа агеноцид иалаӡыз ауаа рхылҵшьҭрақәа – Аҧсны аерманцәа зегьы ҳрыдышшылоит».