Арцах Амилаҭтә Еизара Ахантәаҩы Ашот Гулиан Валери Кәарҷиа идиныҳәалеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабыс иалхра.
Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:
«Арцах Ареспубликаҟны Шәара шәырдыруеит акыр шықәсқәа инеиҧынкыланы зыҧсадгьыл амаҵ азызуа, иналукааша аҧсуа политикк иаҳасабала. Агәра ганы сыҟоуп абас еиҧш аҳәынҭқарратә маҵзураҟны шәыҟазаара Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧхьаҟагьы еицакрада аҿиареи, ҳажәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа реиқәырхареи рырҕәҕәареи ишацхраауа.
Сгәы иаанагоит, Шәаргьы ҳаргьы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ерцахи рпарламентқәа лҵшәазмоу реимадара аҿиара иацаҳҵап ҳәа».
Ашот Гулиан Валери Кәарҷиа изеиҕьеишьеит агәабзиара, агәамч, аҭакҧхықәра ду зцу аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, Аҧсны жәлар – аҭынчра, аизҳазыҕьара.
Иара убас Ашот Гулиан Ареспублика Арцах Амилаҭтә Еизара ахьӡала, хаҭала иара ихьӡала Левон Галустиан Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс иалхра инамаданы дидныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:
«Ареспублика Арцах аҟны Шәара шәырдыруеит абаҩхатәра змоу ажурналист, зыжәлари Аҧсны Аҳәынҭқарреи рымаҵ зуа апрофессионалтә политикк иаҳасабала.
Сара агәра згоит Шәара абас еиҧш аҳәынҭқарратә маҵзура ҳаракы аҟны имҩаҧыжәго аусура Аҧсны Аҳәынҭқарра ажәлар аҧхьаҟатәи реизҳазыҕьара ишацхраауа. Сгәы иаанагоит Шәаргьы ҳаргьы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Ерцахи рпарламентқәа лҵшәазмоу реимадара аҿиара иацаҳҵап ҳәа». Ашот Гулиан Левон Галустиан изеиҕьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиарақәа.