Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабыс иалхра инамаданы Валери Кәарҷиа дидныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иҧа! Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабыс шәалхра.
Урыстәылатәи апарламентарицәа ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иазку аҧсуа коллегацәа аус рыцура иазхиоуп.
Шәаргьи Аҧсны Жәлар Реизара ааҧхьара ҿыц адепутатцәа зегьи ишәзеиҕьасшьоит Аҧсны жәлар реизҳазыҕьара иазку шәус аҟны аихьӡарақәа».