НОВОСТИ

Валера Кәарҷиа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит
06.05.2017
Поделиться в соцсетях:

Валера Кәарҷиа Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит

<p>Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит.

<p>Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
<p>"Акыр иаҧсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа!

<p>Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира агара 72-тәи ашықәсхыҵра!  

<p>Аиааира ду ажәлар зегьы рфырхаҵареи Аҧсадгьыл азы рхамеигӡареи ирсимволны иҟоуп.  
<p>Иахьа шәара – Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа зеиҧш ҟамлац фырхаҵаралеи шьакаҭәаралеи аибашьрақәа рыҟны Аиааира иазықәҧоз, хацәынмырха атыл аҟны Аиааира зчаҧоз хьӡи-ҧшеи шәаҳҭоит, шәыхьӡала ҳхырхәоит.  

<p>Ҷыдала аџьшьара шәаҳҭоит аиаша амаҵ ахьазыжәуаз, атәыла ҧхьаҟатәи аҧеиҧш азы ишәымаз агәрагаразы. Иуадаҩыз ашықәсқәа раангьы шәара арҭ аҟазшьақәа мырӡкәа, ҳара ҳҟынӡагьы иаажәгеит   иарбанзаалак аҧсҭазаараҿы иаҳҧыло аҧышәарақәа риааира шҳалшо агәра ганы.    
<p>Ҳара шәара шәфырхаҵара ҳаҧсахароуп. Ҳара уалны иҳадуп ҳахьыҟазаалак, ҳнапы злаку аус аҟны иҳалшо ала,  ҳ-Апсынра абеиара аихаҳара, излымшо ицхраара, аиҵбацәа Аҧсадгьыл абзиабара, уи аҭоурых, аҵасқәа рылаӡаара, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа  афырхацәа рыхьӡ камыршәкәа, ҿыц игыло абиҧарақәа рызнагара.  
<p>Акыр иаҳзаҧсоу аветеранцәа, абри аныҳәа лаша аҽны  ҩнаҭацыҧхьаӡа ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, ақәра ду, ажәра шкәакәа!