Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 72-тәи ашықәсхыҵра аламҭалазы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала адныҳәалара дәықәиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгарахь.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини рыхьӡала иишьҭыз адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:
«Афашисттә агрессор ииааира Амш азгәаҭо, ҳара Аҧсадгьыл ахақәиҭреи ахьыҧшымреи азаазгаз зеиҧш ҟамлац афырхацәа ргәалашәара аҿаҧхьа ҳхырхәоит. Ари асовет жәлар зегьы ирзеиҧшу ҧсра-ӡра зқәым Иааироуп!
Ҳара ҳазгәдууп ҳҳәынҭқаррақәа русеицура уасхырс иамоу фырхаҵара згым ҳзеиҧш ҭоурых, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп уи аибашьра иазку аҭоурыхтә ҵабырг аиқәырхаразы».
Валера Кәарҷиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аветеранцәа , атыл аҟны ааҧсарада Аиааира арааигәара иацхрауаазгьы.
«Хашҭра рықәымзароуп Аҧсадгьыл ахьчаразы зхы иамеигӡаз ргәымшәареи рфырхаҵареи ртәы. Ҳхырхәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аветеранцәа зегьы рҿаҧхьа. Ирзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, ақәра ду», - абас ҳәоуп адныҳәалараҟны.
Иара убас Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала адныҳәаларатә шәҟәқәа ишьҭит Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы и. н. Инал Мамиев, Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Александр Шьерба, Донецктәи Жәлар р-Республика Жәлартә Совет Ахантәаҩы Денис Пушилин, Лугансктәи Жәлар р-Республика Жәлартә Совет Ахантәаҩы Владимир Дегтиаренко рыхьӡала.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа Ареспублика Арцах Амилаҭтә Еизара Ахантәаҩы Ашот Гулиан идиныҳәалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 72-тәи ашықәсхыҵреи Ареспублика Арцах аҳәынҭқакрратә ныҳәа – Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Ари Шуша ахақәиҭреи рымш.