НОВОСТИ

Виачеслав Володин: Аиааира Амш ҳажәларқәа рфырхаҵара агәалашәара лаша иамшуп.
05.05.2017
Поделиться в соцсетях:

Виачеслав Володин: Аиааира Амш ҳажәларқәа рфырхаҵара агәалашәара лаша иамшуп.

Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа идиныҳәалеитАџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 72-тәи ашықәсхыҵра.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Валера Ермеи-иҧа! Ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 72-тәи ашықәсхыҵра.

Аиааира амшныҳәа – ари 1945 шықәса лаҵарамзазы афашизм аиааира арааигәаразы хамеигӡарада еибашьуаз, атыл аҿы аџьа збоз ҳажәларқәа рфырхаҵара агәалашәара лаша иамшуп.

Ҳара ҳабацәа ирылшаз ҿыц игыло абиҧарақәа рааӡараҟны изықәныҟәо, ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызара зырҕәҕәо ҿырҧшыганы иҟалоит есқьынгьы.

Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиҕьасшьоит аҭынчра, анасыҧ».