НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа гәыҧҩык Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахиеи рышҟа иҟарҵаз Ааҧхьара.
17.05.2017
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа гәыҧҩык Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахиеи рышҟа иҟарҵаз Ааҧхьара.

Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа гәыҧҩык Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аслан Кобахиеи рышҟа иҟарҵаз Ааҧхьара.

«Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа!

Ҳаҭыр зқәу Аслан Алеқсеи-иҧа!

2017 шықәса лаҵарамза 18 рзы Шәача ақалақь аҟны иазҧхьагәаҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа Иаку ринформациа-координациатә центр ашьақәгылашьеи аусуреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.

Аҳәара ҟаҳҵоит абри аиқәшаҳатра анапаҵаҩра аамҭала анахара, ҿыц иалху Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа реиҳараҩык хыхь зыӡбахә ҳәоу аиқәшаҳаҭра апроект хазы игоу ахәҭаҷқәа рганахьала азгәаҭақәеи ажәалагалақәеи зларымоу ала, ҷыдала:

1. Ахәҭаҷ 4 харҭәаахааит абри аҵакала:

«Ацентр «Аоперативтә-ҧшааратә усуразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан инақәыршәаны аусура анагӡаразы азин амаӡам.

2. Ахәҭаҷ 5 иалгазааит ахәҭа 4.

3. Ахәҭаҷ 8 иалгазааит ахәҭа 1.

4. Ахәҭаҷ 11 харҭәаазааит абри аҵакы змоу абзац ала:

«Абри Аиқәшаҳаҭра иалагалахо аҧсахрақәеи ахарҭәаарақәеи амч роуеит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи иреиҳаӡоу рзакәанҧҵаратә усбарҭақәа рыла ианшьақәырҕәҕәахалак анаҩс».

5. Ахәҭаҷ 12, ахәҭа 1 анҵазааит абри аредакциала:

«1. Зусура аанызкылаз Ацентр амазара, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахатәтәрахьы ииасуеит. Убри аан Аҧснытәи Аган ахы иаднаҵоит Урыстәылатәи Аган иҟанаҵаз ахарџьқәа зегьы рырхынҳәра».

6. Аиқәшаҳаҭра хартәаазааит абри аҵакы змоу хазы игоу хәҭаҷла:

«Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны Ацентр аусура иазку иарбанзаалак аинформациа аиуразы азин амоуп.

Ацентр ахы иаднаҵоит есышықәса Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны Ацентр аусура иазку аҳасабырба Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны аҟаҵара».

7. Ахы I апункт 3 «Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа Иаку ринформациа-координациатә центр азы Аҧҟара» анҵазааит абри аредакциала:

«Ацентр Аҧҟарала иадҵоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рзинхьчаратә усбарҭақәеи, иара убас атәым ҳәынҭқаррақәа русбарҭақәа рзинхьчаратә усбарҭақәеи, жәларбжьаратәи аполициатә еиҿкаарақәеи, ауаажәларратәи егьырҭ аиҿкаарақәеи аус рыцнауеит».

8. «Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа Иаку ринформациа-координациатә центр азы Аҧҟара» ахы III аункт 14 анҵазааит абри аредакциала:

«Ацентр аиҳаби уи ихаҭыҧуаҩи аҭахоит хышықәса аҿҳәара рыҭаны. Ацентр аиҳабы, Ацентр аиҳабы ихаҭыҧуаҩ имаҵзураҟны аӡәы ҩ-ҿҳәарак иреиҳаны даҭазар ҟалом».

9. Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 10 ахәҭақәа 4-еи 5 –еи инарықәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рматериалтә-техникатә еиқәшәара, руалафахәы, рсоциалтә хәдықәҵарақәа рыцҵаразы Аиқәшаҳаҭра ахыдҵақәа нагӡаӡам.

Хыхь иазгәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара иадҳәалоу аныхтәқәа аҧара еицырзаужьхоит Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала хазы игоу аиқәшаҳаҭрала, уи Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра амч анаиу аҽны инаркны фымз ирхымгакәа иаҵаҩтәуп.

Хыхь ианаҳҵаз инамаданы, Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа Иаку ринформациа-координациатә центр ашьақәгылашьеи аусуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рматериалтә-техникатә еиқәшәара, руалафахәы, рсоциалтә хәдықәҵарақәа рыцҵаразы Аиқәшаҳаҭра аамҭак азы еицаҵаҩтәуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит».

Адепутатцәа:

Џьапуа А. С.

Аршба А. Б.

Смыр Б. А.

Џьынџьал А. В.

Дбар Д. С.

Џьынџьал О. К.

Аиба Б. Э.

Лолуа Р. В.

Ашәба Л. Н.

Пертаиа К. З.

Цышәба А. В.

Бжьаниа А. Г.

Гәынба Д. Г.

Смыр Н. В.

Ҳагәыш Иу. Л.