НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳәамҭа
22.01.2017
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳәамҭа

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи «Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиҧшу аинформациа-координациатә центр аиҿкаашьеи аусушьеи рзы» ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инадҳәаланы Ақәҵара аднакылеит.

АҲӘАМҬА

Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи «Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиҧшу аинформациа-координациатә центр аиҿкаашьеи аусушьеи рзы» ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра инадҳәаланы Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент

Ақәҵара

2017 шықәса лаҵарамза 18 рзы Шәача ақалақь аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи «Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиҧшу аинформациа-координациатә центр аиҿкаашьеи аусушьеи рзы» Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Абри Аиқәшаҳаҭра ианаҵырҩы анаҩс, ицәырҵит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рыҟнытә аҳәамҭақәеи ааҧхьарақәеи жәпакы.

Аҧсны Жәлар Реизара ауаажәларра Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩраан аҳәынҭқарраҩныҵҟатә уснагӡатәқәа рымҩаҧысшьазы адырра рыҭара хықәкыс иҟаҵаны, аҳәамҭа ҟанаҵоит: Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу «Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиҧшу аинформациа-координациатә центр аиҿкаашьеи аусушьеи рзы» Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иамоуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи «Аидгылареи астратегиатә усеицуразы» 2014 шықәса абҵарамза 24 аҟнытә ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аҧҟарақәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи, «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы» Аҧсны Аҳәынҭқарра ишьақәнаргылаз Азакәани инарықәыршәаны.

2014 шықәса ҧхынҷкәынмза 22 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи «Аидгылареи астратегиатә усеицуразы» Аиқәшаҳаҭра шьақәырҕәҕәаны, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра хымҧадатәны ишыҟоу арҵабыргит.

2014 шықәса ҧхынҷкәынмза 22 рзы Аҧсны Жәлар Реизара иаднакылеит Ақәҵара №3622-с-V, уи инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара иаднаҵеит Аҧсны Жәлар Реизараҟны аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭрала анапаҵаҩра зықәнагоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа зегьы рыпроектқәа рцәыргара, ари акырӡа Аизыразра аҧхьатәи аредакциа аҧсахра алнаршеит. Иҧсахуп 20 рҟынӡа еиҵатәхаз АКЦ ахыҧхьаӡаратә еилазаара иадҳәалоу астатиақәа, иалагалоуп ҩ-ҳәынҭқаррак - Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рхаҭарнакцәа рыла Ацентр анапхгара аҧсахра аҧҟара, ишьақәыргылоуп Ацентр аиҳабы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Рыҩныҵҟатәи аусқәа хылаҧшра азыруа, Ацентр афинанс-нхамҩатә усура Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рфинансқәа рминистррақәа игәарҭо, аоператив-ҧшааратә усуразы алшара аҧыхуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны Аоператив-ҧшааратә усура анагӡаразы азинмчы змоу аусбарҭақәа реиқәыҧхьаӡа шьақәыргылоуп «Аоператив-ҧшааратә усуразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан ала.

2015 шықәса цәыббрамза 10 аҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара Ақәҵарала ирыдыркылаз Аиқәшаҳаҭра апроект аҵыхәтәантәи аредакциа, Аҧсны Жәлар Реизарахь инагоуп 2016 шықәса цәыббрамза 16 рзы.