НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы иҟаиҵаз Аҳәамҭа
09.06.2017
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы иҟаиҵаз Аҳәамҭа

АҲӘАМҬА

Ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 7 рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҳаџьымба Р.Џь. ипресс-конференциа. Апресс-конференциаҟны ажурналист, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор Шариа Витали абас еиҧш иҟаз азҵаара иҭиит: «…аусура абанӡалшо иалху ааҧхьара ҿыц?», насгьы ишҧеилкаатәу «…мызки бжаки раахыс Апарламент асессиа аилатәара амҩаҧгаразы иахьымеизо». Абри инамаданы, сара, Жәлар Реизара Аиҳабы иаҳасабала, исуалуп ҳәа исыҧхьаӡоит ҳаҭыр зқәу Шариа Виталии ажурналистцәа зегьи рыхьӡала абас иҟоу аҳәамҭа аҟаҵара:

1. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны, Аҧсны Жәлар Реизара Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟам, зхы иақәиҭу амчхара амахәҭаны иҟоуп. Убри аан ииашам ҳәа исыҧхьаӡоит ажурналист Шариа В. Жәлар Реизара анапхгара рыгәхьаа мкыкәа, Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа Жәлар Реизара аусура иадҳәаланы ииҭиз азҵаара.

2. Иазгәаҭатәуп иара убас, мшаҧымза 12 инаркны ииасыз аныҳәамшқәеи аҧсшьарамшқәеи аламҵакәа, Жәлар Реизара VI ааҧхьара мызкы иназынаҧшуа аусура шымҩаҧсыуа. Абри аамҭа аҩныҵҟа Жәлар Реизараҟны иааиҧмырҟьаӡакәа асессиатә усура цоит. Ишдыру еиҧш, Жәлар Реизара асессиа шьақәгылоуп Жәлар Реизара аилакқәа (акомиссиақәа) имҩаҧырго аилатәарақәа, адепутатцәа ргәыҧқәеи акомиссиақәеи, апарламенттә зыӡырҩрақәеи, адепутатцәа хаҭала ралхҩцәа ирыдыруло аусурақәеи, апарламенттә усҭҵаарақәеи агәаҭарақәеи рыла.

Иарбоу аамҭа аҩныҵҟа имҩаҧгоуп акымкәа Жәлар Реизара аилатәарақәа, иаҧҵоуп Аилакқәа, иалхуп Аилакқәа рхантәаҩцәеи урҭ рхаҭыҧуааи, ирыдыркылеит Аҧсны Жәлар Реизара 2017 шықәсазтәи азакәанҧҵаратә усура Инықәырҧшу аплан, иара убас ирыдыркылеит Жәлар Реизара Ақәҵарақәеи Аҳәамҭақәеи жәпакы, имҩаҧысуеит еиуеиҧшым апарламенттә Комиссиақәа рышьақәгылара. Ааҧхьара змоу адепутатцәа Аҧсны анҭыҵ имҩаҧысуа еиуеиҧшым афорумқәа рыҽрыладырхәуеит.

Иааидкыланы, иазгәасҭарц сҭахуп, Аҧсны Жәлар Реизара аамҭа кьаҿк иалагӡаны еилазаарала ишышьақәгылаз, сгәы иаанагоит, аусура зылшо, иаку иреиҳаӡоу закәанҧҵаратә усбарҭаны иҟалеит ҳәа. Аҧсны Жәлар Реизара VI ааҧхьара аҵыхәтәантәи аилатәарақәа рышҟа ажурналистцәа ааҧхьара рымамызт, арҭ аилатәарақәа рыҟны, еиҳарак, апарламентҩныҵҟатәи аиҿкааратә зҵаарақәа иахьрылацәажәоз, иара убас ажурналистцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ахьынҵәаз аҟнытә.

Аҵыхәтәан, иазгәасҭарц сҭахуп, Аҧсны Жәлар Реизара ауп аилатәарақәа рымҩаҧгара, амш азҵаара ашьақәыргылара, аилатәарақәа рышҟа иааҧхьатәу уҳәа реиҧш иҟоу Жәлар Реизара аусура иаҵанакуа егьырҭ азҵаарақәа рҳәаақәҵаразы азинмчы змоу.