Имҩаҧысит– Апарламент асессиа аилатәара. Уи мҩаҧигеит Жәлар Реизара Аиҳабы Валера Кәарҷиа.
Иахәаҧшит иагьрыдыркылеит аҵыхәтәантәи аҧхьараан «2010 шықәса ҧхынҷкәынмза 24 аҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра аҳәынҭқарратә кредит аҭаразы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра Аҧкаанҵа № 2 ашьақәырҕәҕәаразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан.
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны жәлар Реизараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.
Аҧсны Жәлар Реизара аӡбамҭа аднакылеит ааигәа ихацыркыз ашьаусқәа рыҭҵаара ахылаҧшра аҭара иазку апарламенттә гәаҭара амҩаҧгаразы
Аҧсны Жәлар Реизара
Ақәҵара
Аҧсны Жәлар Реизара
и а қә н а ҵ о и т :
1. Ирыдкылазааит Аҧсны Жәлар Реизара Аҳәамҭа (иацуп).
2. Аҧсны Жәлар Реизара Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак анапы ианҵазааит зықәранаӡам Џьаҕмазиа Лиана лцәаҧҽреи уи лаҳәшьеиҳаб Џьаҕмазиа Анжела лышьреи инарыдҳәаланы ауаажәларра ирылаҵәаз ашьаусқәа ауаажәларра алархәны рыҭҵаара хылаҧшра аҭара иазку апарламенттә гәаҭара амҩаҧгара.
3. Аҧсны Жәлар Реизара Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак иааиҧмырҟьаӡакәа Аҧсны Жәлар Реизара абарҭ ашьаусқәа рыҭҵаара амҩаҧысшьазы адырра анаҭалааит.
4. Абри Ақәҵара амч аиуеит иара анрыдыркыла аҽны инаркны.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы
В. Кәарҷиа
Аҟәа ақ., 2017 шықәса рашәарамза 19
Аҧсны Жәлар Реизара
Аҳәамҭа
Аҟәа араион Апрокуратура ашьаусқәа хацнаркит 2017шықәса рашәарамза 13 рзы Алада Ешыра, 13 шықәса зхыҵуа аӡҕаб Џьаҕмазиа Л.Р. дшишьуа ала длықәмақарны лцәаҧҽразы гәҩарас иҟаҵоу Џьапуа Асҭамыр Севериан-иҧа, 1981 ш. иизи, уи лаҳәшьеиҳаб, лаб Џьҕамазиа Роберт Гули-иҧа, 1973 ш. ииз, 2017шықәса Баслаҭ ақыҭаҟны лаҵарамза 17 рзы зыҧҳа лышьразы гәҩарас иҟаҵоуи рганахьала. Џьапуа А. С. 2017 ш. лаҵарамза 17 Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа иҽриҭеит, Џьҕамазиа Р. Г. иҽиҵәахуеит.