Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валера Кәарҷиа ЗҦА «Абаза – ТВ» Адиректор хадеи аусзуҩцәеи ирыдиныҳәалеит ателеканал 10-шықәса ахыҵра.
«Абаза – ТВ» Адиректор хада Руслан Ҳашыг ихьӡала ишьҭыз адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Руслан Мкан-иҧа!
Гәык-ҧсыкала Шәаргьы шәусзуҩцәагьы ишәыдысныҳәалоит ихьыҧшым раҧхьатәи ателеилахәыра «Абаза – ТВ» 10 шықәса ахыҵра.
«Абаза – ТВ» аколлектив аиҿкааратәи арҿиаратәи шьақәгылара аамҭа иҭысит. Иахьа иара аҭыҧ ҷыда ааннакылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рыҿиараҟны, уи алагаламҭагьы маҷӡам.
Ателехәаҧшратә проект «Абаза – ТВ» аусура хацыркын аамҭеи ауаажәларреи рҭахрақәа инарықәыршәаны. Шәара шәканал аҟны иаҧышәҵо аинформацитәи автортәи программақәа ирымоу рхатә цәаҩеи, рыпрофессионализми рзы ахәаҧшыҩцәа рыхә ҳаракны иршьоит.
Агәра згоит аколлективи уи анапхгареи русушьеи идырҳаз аҧышәеи ателеканал аҧхьаҟагьы аидеиа ҿыцқәеи арҿиаратә проектқәеи рынагӡара ишацхраауа.
Руслан Мкан-иҧа! Жәашықәса раахыс қәҿиарала напхгара зышәҭо шәколлективгьы Шәаргьы ишәзеиҕьасшьоит арҿиаратә гәазыҳәара, агәабзиара, шәнапы злаку аус аҟны аихьӡара ҿыцқәа».