НОВОСТИ

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара аилак ацҳамҭа
28.06.2017
Поделиться в соцсетях:

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара аилак ацҳамҭа

Апарламенттә гәаҭаратә зинмчқәа рҳәаа инҭагӡаны Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара аилак аҟны имҩаҧысит имҩаҧысит инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаҧигеит Аилак ахантәаҩы Илиа Гәуниа.

Аилатәара далахәын Аҧсны Апрокурор хада ихаҭыҧуаҩ Ешсоу Какалиа. Уи адепутатцәа адырра риҭеит зықәрнаӡам лцәаҧҽреи уи лаҳәшьеиҳаб лышьреи рфакт азы ашьаусқәа рыҭҵаара амҩаҧысшьа азы. Ешсоу Какалиа ирылеиҳәеит абри аамҭазы иақәнагоу аекспертиза азгәаҭареи амҩаҧгареи рзы аматериалқәа реизгара шымҩаҧысуа атәы.

Абри азҵаара иахәаҧшын 2017 шықәса рашәарамза 19 рзы имҩаҧысыз Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аҧсны Жәлар Реизара аилак аилатәараҟны.