НОВОСТИ

Ирылацәажәан аҧсны-урыстәылатәи аусеицура азҵаарақәа
03.06.2017
Поделиться в соцсетях:

Ирылацәажәан аҧсны-урыстәылатәи аусеицура азҵаарақәа

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ицхырааҩ Сурков В.Иу. аҳәынҭқаррақәа - Ихьыҧшым Аҳәынҭқарра Реиҩызара алахәылаҩцәеи, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликеи асоциалтә-економикатә усрыцуразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы О. М. Говоруни Аҧсны Аҳәынҭқаррахь русуратә ныҟәараан Аҧсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара анапхгареи русуратә еиҧылара.

Аиҧылара иалахәын Аҧсны Ахада Ҳаџьымба Р.Џь., Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Кәарҷиа В.Е., уи ихаҭыҧуаҩцәа Галустиан Л. М., Сангәлиа М. П., Ҳаразиа С. Г., апарламенттә еилакқәа рхантәаҩцәа: Агрба В. В.,. Аиба Б. Е, Арӡынба Д. Г., Бебиа В. Иа., Гәуниа И. Ҷ., Џьынџьал А.В., Смыр Н. В., Ҭарба А. А., Цәышба А. В. Аиҧылараҟны ирылацәажәеит аҧсны-урыстәылатәи аусеицура иазкыз азҵаарақәа.