НОВОСТИ

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара –Апарламент асессиа аилатәара
05.06.2017
Поделиться в соцсетях:

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара –Апарламент асессиа аилатәара

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара асессиа аилатәара. Уи мҩаҧигеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Кәарҷиа Валера.

Ирыхәаҧшуп иагьрыдкылоуп аҵыхәтәантәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:

«Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә Фонд 2015 ш. абиуџьет анагӡаразы» Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара.

«Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә Фонд 2016 ш. абиуџьет анагӡаразы» Ақәҵара.

Ажәахәҟаҵаҩ – Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарқәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смыр.

Ирыхәаҧшуп, маӡалатәи абжьыҭирала ирыдкылоуп Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵарақәа:

«Ҭарба О.Р. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбара имаҵурахьы лалхразы» Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара.

«Логәуа О.Ш. Аҧсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбара аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы» Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара.

«Аҩӡба М. З. Аҟәа ақалақь аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы» Аҧсны Жәлар Реизара Ақәҵара.

Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.

Ирыхәаҧшуп, аха абжьыҭира алҵшәақәа рыла ирыдрымкалаӡеит Аҧсны Жәлар Реизара ақәҵарақәа:

«Мқанба С. Т. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизараҟны Аҧсны Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба.

«Аҧсны Жәлар Реизара аофициалтә саит азы».

Ажәахәҟаҵаҩ – Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Дмитри Дбар.