Аҧсны Жәлар Реизара
Ақәҵара
Акриминогентә ҭагылазаашьа иазку Аҧсны Жәлар Реизара аҳәамҭазы
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент
и а қә н а ҵ о и т:
1. Ирыдкылазааит акриминогентә ҭагылазаашьа иазку Аҧсны Жәлар Реизара аҳәамҭа (иацуп).
2. Ишьҭызааит абри Ақәҵареи иарбоу Аҳәамҭеи Аҧсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рышҟа официалла акьыҧхьразы.
3. Абри Ақәҵара амч аиуеит иара анрыдкылаха аҽны инаркны.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа
Атәылаҟны акриминогентә ҭагылазаашьа иазку Аҧсны Жәлар Реизара аҳәамҭа
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ азинхьчаратә еилазаарақәеи ацәгьоура иаҿагыланы имҩаҧырго аусуразы есқьынгьы атәылауаа рганахьала агәынамӡарақәа ыҟан. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы акриминогентә ҭагылазаашьа иаалырҟьаны еицәахеит аҟнытә ари ауаажәларра иақәҿырымҭар алшаӡом.
Атәылаҟны уцәа уҭадырӡыӡоит есҽны имҩаҧысуа ацәгьоура бааҧсқәа. Еиҳаракгьы агәҭынчымра урҭоит азинеилагарақәа рыҩныҵҟа иҟоу ацәгьоура хкы бааҧсқәа.
Зегьы ирылаҩит Гәдоуҭа араион аҟны ҧхынгәымза 11 рзы Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә атуристцәа рҭаацәара абџьарла рықәлара афакт. Ари ацәгьоура иақәҿызымҭыз дыҟаӡам. Абарҭ амшқәа рзы алхыҩцәа рыҟнытә ааҧхьарақәа ҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгара аҭакҧхықәра рыдҵаразы азинхьчара ашьақәыргылара ахьрылымшаз, Аҧсны атәылауааи асасцәеи ршәарҭадара алдыршарц рзы. Уаҩы ибартә иҟоуп азинхьчаратә усбарҭақәа рматериалтә-техникатә лшарақәа шеиҕьзаракәу, ишылаҟәыц илаҟәуп руалафахәқәа. Аха абри амзыз заҵәык ауп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусура аилаҳара зыхҟьаз узҳәом. Аминистрра анапхгаратә еилазаара аганахьала аоперативтә маҵзурақәа русура иақәнагоу хылаҧшра шамам. Иалыршаӡам иааидкыланы азинхьчаратә усбарҭақәа рсистемаҟны аусеицура, ари алҵшәа изанымҧшыр залшаӡом.
Аҧсны Жәлар Реизара Аҧсны Аҳәынҭқарра анапхгара аҿаҧхьа иқәнаргылоит хара имгакәа атәылаҟны акадртәи аиҿкааратәи ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгара азҵаара.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент
Аҟәа ақ.
2017 шықәса ҧхынгәымза 12