НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Лугансктәи Жәлартә Республика  адепутатцәеи аделеагациеи  рҧылара.
03.10.2017
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Лугансктәи Жәлартә Республика адепутатцәеи аделеагациеи рҧылара.


Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Кәарҷиа имҩаҧигеит Аҧсны Ахьыҧшымра азхаҵара амш азгәаҭаразы Аҧсны Аҳәынҭқаррахь иааз Лугансктәи Жәлартә Республика адепутатцәеи аделегациеи рҧылара.

Аделегациа иалахәын: Лугансктәи Жәлартә Республика Жәлартә Хеилак жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, аимадареи, аинформациатә политикеи, амассатә коммуникациақәеи рзы Аилак ахантәаҩы Нелли Задираки, ари Аилак иалахәу Олег Валиеви Алексеи Шкарини.

Валери Кәарҷиа адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит Лугансктәи Жәлартә Республика аилазаареи аусуреи ртәы, иҳәеит Лугансктәи аколлегацәа аҧышәа рымадара дшазхиоу.

Иара убас Апарламент аилатәара азал аҟны имҩаҧысит Лугансктәи Жәлартә Республика аделегациеи Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи реиҧылара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра адепутатцәаеи асасцәеи аҧхьаҟатәи аимадарақәеи ганрацәалатәи аусеицуреи ишрызхиоу.

Аиҧылара иалахәыз апарламентбжьаратә еимадарақәа рырҭбаареи рырҕәҕәареи азакәанрҿиаратә усуреи рыҟны аҧышәеимдара ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Ишәгәалаҳаршәоит, 2016 ш. жәабран 1 азы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рзакәанҧҵаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аҧсны Жәлар Реизареи Лугансктәи Жәлартә Республика Жәлартә Хеилаки рыбжьара азакәанрҿиаратә усураҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра ишаҵарҩыз . Абри аҩыза Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Донецктәи Жәлартә Республикеи рыбжьарагьы.